Иԥсҭазаара далҵит Нхыҵ Кавказ еидҵоу ар ргәыԥ уаанӡатәи адҵаҟаҵаҩ

© Foto / Валерий МатыцинВиктор Казанцев
Виктор Казанцев - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
2000-2004 шықәсқәа рзы Виктор Казанцев Аладатәи Афедералтә округ аҿы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыдас дыҟан.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Нхыҵ Кавказ еидҵоу ар ргәыԥ уаанӡатәи адҵаҟаҵаҩ, Урыстәыла Афырхаҵа Виктор Казанцев иԥсҭазаара далҵит аҩаша, ҳәа РИА Новости иазааицҳаит Аладатәи арратә округ ахаҭарнак.
"Виктор Герман-иԥа Казанцев иҭаацәа ражәақәа рыла акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит агоспиталь аҿы ", - ҳәа иҳәеит амаҵзура ахаҭарнак.
РИА Новости адыррала Казанцев аҩаша ашьыжь асааҭ быжьба рзы, Краснодар агоспиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Казанцев Нхыҵ Кавказ еидҵоу ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩыс дыҟан, Даӷьысҭани Чечнеи атеррористцәа дырҿагыланы деибашьуан. 2000-2004 шықәсқәа рзы Виктор Казанцев Аладатәи Афедералтә округ аҿы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыдас дыҟан.
2015 шықәса раахыс Виктор Казанцев Аладатәи Афедералтә округ адҵаҟаҵара аинспектор хадас дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0