Афганисҭан аиҳабыра ҿыц Москваҟа ианаарыԥхьо ҳәа иԥшуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМехтарлам под контролем запрещенной в РФ организации "Талибан"
Мехтарлам под контролем запрещенной в РФ организации Талибан - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Москвеи Кабули аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит Афганисҭан аиҳабыра ҿыц Москваҟа рааԥхьаразы.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Афганисҭан аиҳабыра ҿыц Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьа рҿио усутә ныҟәарыла Москваҟа аара иазыԥшуп, ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит атәыла аамҭалатәи аиҳабыра акультуреи аинформациеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Забиулла Муџьахид.
"Москваҟа ҳнарыԥхьап ҳәа ҳаԥшуп. Уадаҩрақәак ҳамам. Урыстәыла аиҳабыреи Афганисҭан аиҳабыреи реинырроуп иаҳҭаху. Ҳара ҳаигәылацәоуп, Анцәа иҳәозар Кабули Москвеи реизыҟазаашьа бзиахароуп", - иҳәеит Муџьахид.
Москвеи Кабули аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит Афганисҭан аиҳабыра ҿыц Москваҟа рааԥхьаразы, аха макьаназы ишьақәырӷәӷәоу цәажәара ыҟам.
Аталибцәа Афганисҭан амчра рнапахьы иааргеит нанҳәамзазы, атәыла ахада даныбнала ашьҭахь. Мышкы ахы-аҵыхәала Кабул каҳаит, ЕАА рыр атәыла иалыргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0