Алхрақәа рылҵшәақәа рыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ амандатқәа еихшоуп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраXIX съезд партии "Единая Россия"
XIX съезд партии Единая Россия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рзы. Зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара 51 процент ыҟан. Аамҭак ала имҩаԥган арегионалтәи амуниципалтәи алхрақәа.
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Урыстәыла Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Елла Памфилова алаҳәара ҟалҵеит алхрақәа рылҵшәақәа рыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ амандатқәа шеихшоу азы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Двинианин Аԥсны аҵара аминистрра ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Апартиа "Иаку Урыстәыла" 324 мандат аиуит, КПРФ – 57, апартиа "Ииашоу Урыстәыла – аиашаразы" -27, ЛДПР – 21, "Иҿыцу ауаа-13", - ҳәа лҳәеит Памфилова.
Ҭыԥк-ҭыԥк роуит "Аԥсадгьыл", "Аграждантә платформа", "Партиа Роста".
Мандатк змоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы зхала зхы ықәзыргылаз рҟынтәи иалхуп: Москва (аԥшаара-еиқәырхаратә отриад "Лиза Алерт" акоординатор Олег Леонов, ателемҩаԥгаҩы Анатоли Вассерман, актиор Дмитри Певцов), Адыгеиа (Владислав Резник), Ҟрым (Леонид Бабашов).
Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥысуан цәыббра 17-19 рзы. Зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара 51%  ыҟан.
Алхрақәа ирылахәын Урыстәыла атәылауаҩра змоу 14,5 нызқь-ҩык Аԥсны ауааԥсыреи жәеизанызқь-ҩык Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыреи.
Ажәабжьқәа зегьы
0