Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акино бзиа абиуџьет бзиа амазароуп: арежиссиор Наур Гармелиа иҿцәажәара

© Foto / предоставил Наур ГармелияМолодой режиссер Наур Гармелия.
Молодой режиссер Наур Гармелия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит арежиссиор Наур Гармелиа. Дара алацәажәеит уи иҿиарамҩа, аԥснытәи акиноусхк аҭагылазаашьа, уи аҿиаразы иҟоу ауадаҩрақәеи хырхарҭас иахьатәи аамҭазы иаиурц аҭаху атәи уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Аԥсуа кино ҳазҭоу аамҭазы амҩахәасҭақәа ылнагарц иаҿуп, иҟоуп уи аҟазара ахырхарҭа зҽадзыԥхьало арежиссиорцәа қәыԥшцәа. Ус акәзаргьы, аҳәара уадаҩуп ари имариам аус аҿы аҳәынҭқарратә программа дук ыҟоуп ҳәа. Аиааира 30 шықәса аҳаҭыразы Аԥсны акультура аминистрра ирыланаҳәаз аицлабра алҵшәақәа ртәы ҳҳәозар, адокументалтә фильмқәа аабеит, аха зметраж кьаҿу асахьаркыратә макьана иӡыргам.
Изакәузеи акино, иацузеи уи аҭыхразы уадаҩрақәас уҳәа ирызкны Аԥсны аамҭала ԥсшьара иааз арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа игәаанагарақәа ҭысҵаарц сыӡбеит. Гармелиа аԥсуа кино абзиабаҩцәа дырдыруеит идипломтә усумҭа "Ацҳа" ала. Иара ҭыхуп "Ленфильм" абаза ала, анаҩс Урыстәыла акинофестивальқәа рҿы аԥхьахәқәагьы анашьан. Акино закәузеи? Ас азҵаара зысҭиуа, аԥсуа фильмқәеи асериалқәеи анҭыҵлакгьы, акритика рацәоуп, инегативтәу амотивқәа иахьатәи аҿар ркино аҿы иахьаарԥшу инадҳәаланы. Арҭ асиужетқәа аԥсуара ибзианы иаадырԥшӡом, ҳабҩарақәа адунеи иалашәырҵәоит рҳәоит. Абри азҵаара ала ҳаицәажәара хацҳаркит арежиссиори сареи.
© Foto / Элеонора КогониаНаур Гармелиа
Наур Гармелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Наур Гармелиа
- Сара сшахәаԥшуа ала, акино, сҭаацәа, сҩызцәа рыԥсҭазаара, сыкәша-мыкәша иҟоу зегьы - акино аформа аҭаны аиҭаҳәара ауп. Акино алитература излеиԥшым, абжьи аԥштәи ацуп. Зсахьаркыра ҳараку акино уалацәажәозар, арежиссиорцәа дуқәа рнапы иҵырхыз аӡбахә ҳҳәозар, ателехәаԥшразы иҟарҵо асериалқәеи урҭи хаз-хазы урыхәаԥшыроуп. Акинои атеатри еидкыланы ушызрыламцәажәо еиԥш.
- Аԥсуа кино ҷыдарас иамои? Мамзаргьы акино зехьынџьара акино ахьӡу?
- Иарбан кинозаалак иара ахатә ҷыдара амоуп, аԥсуаа иаҳҭәызар уи хаз ԥштәык амоукәа изыҟалаӡом. Ҳара ҳҭоурых еиҭаҳҳәозар, хымԥада иҷыдахоит. Урыстәыла иҭырхуа акиноқәагьы дара рҷыдарақәа рыманы иҟоуп. Ҳара ҳкино иҷыдоу аԥсуа киноны иҳаурц азы, иахьазы аибашьра ашьҭахьтәи иҟоу аамҭа ауп еиҭаҳҳәар иауа. Аҭоурыхтә кино аҭыхра аҵакы амаӡам са сгәанала.
- Избан?
- Акы, уи аҩыза аԥара Аԥсныҟа аагара цәгьоуп, ишаҭаху иҭухырц азыҳәан. Иҩбахаз, еиҭаҳамҳәац аҭоурыхқәа маҷуп. Ҳаамҭазтәи идырым аҭоурыхқәа еиҳа ирацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит.
- Иуҳәарц иуҭаху, иахьатәи акино азы иманшәалоу - иахьатәи аԥсҭазаара аарԥшроуп?
- Ус ауп уажә сышхәыцуа.
- Иабанӡамариоу аҳәаанырцәтәи, иаҳҳәап, урыстәылатәи апродиусер аԥсуа сиужет иазку акино аҭыхра иадԥхьалара?
- Уи раԥхьаӡа ицәырҵуа зҵаароуп, иаҳҳәап, Аԥсны иазку асценари умазар. Аԥара зхаурҭар акәуи ҳәа раԥхьаӡа игыло зҵаароуп. Аԥсуа ҭоурых иадҳәалоу акино азыҳәан аԥара аиура цәгьоуп. Сара абыржәы иҭысхыз "Ленфильм" иатәу "Аҵыхәтәантәи ахәԥсазы" аԥара анҳарҭоз, Урыстәыла акультура аминистрраҿ уи аҩыза азҵаарагьы гылан. Асценари 2017 шықәсазы исыҩхьан, убри аахыс аԥара аԥшаара иуадаҩыз усын. Хәышықәса рҟынӡа ҵит, аха продиусерк игәаԥхан, нас иалҵит. Уажәы Урыстәыла акино ҭухыр уҭахызар, аурыс ԥсҭазаара аанарԥшуазароуп. Усҟан еиҳа ирласны аԥара уԥшаауеит.
Гармелиа Аҵыхәтәантәи ахәԥсазы: зымҽхак ҭбаау проектуп    - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2022
Арадио
Гармелиа "Аҵыхәтәантәи ахәԥсазы": зымҽхак ҭбаау проектуп
- Наҟ аҳәаанырцә уашьҭалар?
- Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы еиҳагьы иуадаҩуп.
- Уажәы акино иҭухыз Аԥсны иадҳәалоуп, аԥара Урыстәыла иурҭеит. Уажәы уфильм афестивальқәа рахь иныҟәо ианалагалакгьы, азеиԥш философиатә мотивқәа амазар акәӡами?
- Ус иҟазароуп, иагьыҟоуп. Амилаҭқәа адунеи иқәынхо зегьы еилыркаартә еиԥш еиҭаҳәатәуп акиноҭоурых. Ҳара иҭаҳхуаз акино "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" ҳәарада Аԥсны аҩнуҵҟа дырбара мацаразы акәӡам изҭаҳҳуаз. Зегьы еилыркааша ҭоурыхуп.
- Аҳәаанырцәтәи афильм бзиақәа ҳанрыхәаԥшуа ирнаҳбаалоит азеиԥш уаҩытәыҩсатә темақәа Аԥсны ишазкымгьы. Ус акәзаргьы, ҳара ҳхатә кино ҳамазар бзиагәашьан, аҩнуҵҟа ахархәаразы. Убри аԥеиԥш шԥоубо?
- Аҩнуҵҟа ахархәаразы ҳәа ҳанхәыцуа еиҳа ииашоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҳара ҳмилаҭ шмаҷу ала, ахәаԥшҩы дуоуӡом. Акино ахәаԥшҩы данамоу, аҵакы ацәыӡуеит. Убри аҟынтә, абри икьаҿу акиносахьақәа ирызхаша аԥара акәзаргьы, аҳәынҭқарра иаԥшаауазҭгьы ус бзиахон.
- Сынтәа Аиааира 30 шықәса ахыҵра иадҳәаланы Аԥсны акультура аминистрра еиҿнакааит аицлабра, икьаҿу аформатқәа рзы. Уара уи ухы залаумырхәи?
- Сара сазыхиаӡамызт, насгьы изыҩуа асценариқәа сыҩнуҵҟантәи иааиуа роуп. Адҵа иҟаҵоу инадҳәаланы аҩра сцәыуадаҩуп, бзиа иагьызбом. Иаалырҟьаны, сахьӡандаз ҳәа аҩра сҭахымхеит.
- Аамҭак аԥхьа амобилтә еимадара "Амобаил" еиҿнакааз аицлабраҿы "Аишьцәа" захьӡыз Миха Лакрба иновелла иалхны афильм ҭухит. Алахьынҵа шԥаҟоу?
- Сара сгәанала, уи исзалымҵыз киноуп.
7 новелл - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2018
Шьаҿак ԥхьаҟа
- Саргьы ус сгәы иаанагоит.
- Хымԥада, уи убаратәы иҟоуп.
- Усҟан иуасҳәеит сгәаанагара, уазымгәааӡеи? Актиорцәа ирзынамыгӡазар уидеиа?
- Актиорцәа ракәӡам уи зхароу, еснагь арежиссиор иоуп. Иумоу аидеиа уара иутәны иҟаҵаны, мамзаргьы ак ацҵаны, абри аицраԥшьра, асимбиоз еиԥш аҟаҵара сара сзы имариаӡам. Усҟантәи сеилкаареи уажәтәи аҽеиҭанакхьеит. Усҟантәи аҭагылазаашьа азыҳәан ицәгьамызшәа снарбон аха, шьҭа, аамҭа анца, избоит ишхьысҳау уи аусумҭа.
- Ҿыц иҭухыз укино "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥсуа хәаԥшҩы ианбеиурбо?
- Уи азҵаара зыӡбо акиностудиа "Ленфильм" ауп. Иааиуа ааԥын 2024 шықәсазы акинофестивальқәа рахь ирышьҭыр рҭахуп. Нас уи ашьҭахь асоциалтә платформақәа рҿы иқәдыргылар ауеит. Аԥхьарбара фестивальк аҿы иҟалоит. Аԥсны иддырбаргьы рҭахуп дара, аха ианыҟало, ишыҟало сыздыруам макьана.
- Уара упродиусер қьарс изалаз, аматериалтә ган ҳазхәыцуазар?
- Урыстәыла апродиусерра ҳәа шәызҿу асистемагьы аҳәынҭқарра аԥара алоуп ишышьақәгылоу, убри аҟынтә акино аҭыхразы аԥара иурҭо аргьежьра хықәкыс ирымам. Ари зыҟарҵо акино адгылара арҭарц ауп. Уажәы асовет кинои иахьа иҭырхуеи аидкылара цәгьоуп Асовет аамҭазы еиҳа еиӷьны акино ҭырхуан, арежиссиорцәа иҟазгьы уажәтәиқәа акыр ирхыҳәҳәон. Убри аҟынтә, ҳаамҭазтәи аурыс кино макьана ишьақәымгылаӡац ҳәа сгәы иаанагоит. Амала исҳәарц сылшоит асоциалтә ҳақәа рплатформақәа рзын аурыс сериалқәа ибзианы аҭыхра иалагеит ҳәа. Аҩаӡара шьҭыҵит, уаанӡа ателесериалқәа иҭырхуаз абри "мыльная опера" ҳәа изҿу исентименталтәу асериалқәа ирыҿурԥшуазар, акыр еиӷьуп.
- Асериал ануҳәа, Ҭемраз Кәакәасқьыр режиссиорс дызмоу, продиусерс иара убас ароль хада анагӡаҩыс Ҭемраз Ҭаниа дызмоу "Старт" аплатформазы иҭырхыз "Ҽнак зны Аԥсны" (Однажды в Абхазии) аԥсуа ԥсҭазаара иазкуп. Изгәаԥхо шыҟоу еиԥш, акритика азызуз рацәаҩуп аԥсуаа иҳагу зныԥшуа акино шԥаҭырхи ҳәа. Угәанала, изиҭахыми ахәаԥшҩы ҳабҩарақәа акино иананыԥшуа?
- Акы - ҳахәаԥшҩы дамышьцылаӡац аганахь дгыланы ихы ахәаԥшра, насгьы ҳара ҳҿы акритика адкылара рцәыуадаҩуп. "Ҽнак зны Аԥсны" иахәаԥшуан ҳтәылауаа, избанзар аԥсуаа иҳазкуп, насгьы амедиа-жанр ала иҟаҵоуп. Уаҟа иаарԥшу аполитикатә мотивқәа зехьынџьара еиԥшуп. Асериал ахьҭырхыз ибзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит сара. Ахәшьара асҭозар – ибзиоуп сҳәоит.
Съемки фильма Противостояние - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2023
Аԥсны
Асериал "Аԥсны ҽнак зны" ҭыҵит аплатформа "Start" аҿы
- Урыстәыла акультура аминстрра аҿар рзоума хыхь зыӡбахә уҳәоз аԥарахшәаара зыҟарҵо?
- Урыстәыла акультура аминистрра есышықәса категориала ишаны – амилаҭтә кино, адебиут, уҳәа имҩаԥыргоит алаҳәарақәа. Ҳара адебиут акатегориа ауп ҳазлашәаз.
- Акино анҭумхуа аԥара шԥаурҳауеи?
- Акиностудиаҿы асериалқәа рҭыхраҿы ассистент иаҳасабала аус зулон. Знык гонорар бзиак уоур, ԥыҭк унанагоит. Уи уажәшьҭа уамак сгәы ахым, исызҳазшәа збоит. Акино аҭыхра ауп сгәы ззыҳәо.
- Ҳаԥхьаҟа азы иумоума иҿыцу акиносценариқәа?
- Асценариқәа сымоуп, аԥара аԥшаара апроцесс иалахәуп уажәы. Урыстәыла акультура аминистрра иҟанаҵо анаҩсангьы иҟоуп акинофондқәа. Уахьгьы иҟоуп алшара агрант аиуразы. Иҟоуп сценариқәак сара сакәымкәа даҽаӡәы иҭихыргьы анауа, сара автор иаҳасабала сынхар алшо.
- 2021 шықәсазы аиааира згаз уара усценари "Ореховая лихорадка" иалахьынҵахеи?
- Сара сызлахәыз Пенцентр еиҿнакааз ауп. Уи акинои иареи еидҳәалаӡам. Уа аҳамҭа урҭоит, акино аҭыхра азҵаара ықәгылаӡам.
Наур Гармелия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Аԥсны
Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа аԥхьахә ианашьоуп
- Даҽа кинок ҭухузар, ара Аԥсны иҭухырц агәаҳәара умоума?
- Сара усазҵаауазар, есымша Аԥсны иҭысхлар сҭахуп, сқыҭа Гәыԥ аԥхьа иргыланы. Уажәы Аԥсны иҭухша аԥсуа ҭоурых аҩра саҿуп, иалҵуа збап.
- Аԥсны иуԥшаар амуӡои аԥара?
- Уи аҩыза аԥара ара иуԥшаар ауам ҳәа сыҟоуп. Иҭысхыз "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" 30 миллионк инаӡон иазоужьыз, аха иара уигьы иазхон узҳәом.
- Аԥсуа кино азҵаатәы ҳазыхынҳәуазар, иаҳҳәап аԥсуаа иҭырхыз, аԥсуа ԥсҭазаара иазку акино ҳтәыла анҭыҵ афестивальқәа рахь амҩа азылхру?
- Ҳара ҳазлазхаҵам ала, Урыстәыла анҭыҵ афестивальқәа рахь акино ҳзышьҭӡом. Уажәы Европатәи афестивальқәа рахь аурыс фильмқәагьы ргаӡом. Уахь ирыдыркыло Урыстәыла инегативтәу аган ала иаарԥшызароуп. Ус иҟоуп иахьатәи аполитика.
- Аԥсны аҩнуҵҟа ахәаԥшразы асериалқәа, афильм кьаҿқәа ҭаҳхлар амуеи ари ажанр камԥсарц азын?
- Иҭаҳхлар ауп, хымԥада.
- Аԥсуа кино ҿиаларц азы шықәсык заҟа аԥара азоужьтәуи угәанала? Иаҳҳәап, ҩба, ма х-фильмк рҭыхразы.
- Зметраж маҷу хԥаҟа фильм бзиа ҭухыр ауеит жәа-миллионк азоужьзар. Акино бзиа абиуџьет бзиа амазароуп…
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Аблоҭиа аԥсуа кино азы ихәыцрақәа ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Аблоҭиа аԥсуа кино азы ихәыцрақәа ирызкны
- Уи акино аҳәынҭқарра ахашәалахәы анаҭаӡом, иаҳҳәап, азауад зыргыло ашәахтә ишәоит, уи феидоуп, акино аҿиаразы аҳәынҭқарра қьарк аланы иамбозар?
- Аԥара зыргьежьуа акино ҭухырц азыҳәан, иара абиуџьетгьы дузароуп. Урыстәылагьы имаҷуп ус иҟоу акиноқәа. Урыстәыла апродиусерцәа ахашәалахәы иазхәыцӡом. Иаҳҳәап, Америка ахатәы инвестициақәа рылоуп акино шҭырхуа. Хықәкысгьы ирымоуп аԥара аргьежьра. Асовет аамҭазгьы аҳәынҭқарра аԥарала иҭырхуан, аха уи даҽа аамҭан. Усҟан акино аԥара арҳауан акинотеатрқәа рҿы. Акинотеатрқәа рахь ауаа ныҟәон, уажәы иныҟәаӡом.
- Аҵара уҭалаанӡа уажәабжьқәа ажурнал "Алашара" аҿы иркьыԥхьхьан, аҿар рыбжьара алитературатә еицлабрақәа рҿгьы изныкымкәа уаиааихьан. Уажәы алитература унапы алакума?
- Ииашоуп, анкьа ажәабжьқәа сыҩуан, аха уажәы саҟәыҵит, асценариқәа роуп сызҿу. Алитература аиаҳәшьа ҳәа азаҳҳәар ауеит уи. Уажәы апиесақәа шырыҩуа еиԥш ауп ишырыҩуа асценариқәа. Алитературатә сценари уи апроза иазааигәуп. Сара аԥхьаӡа алитературатә жанр ала сыҩуан, аха нас абри "америкатәи анҵамҭақәа" ҳәа изышьҭоу адиалогқәа ҳәа изҿу ахь сиасит, акино аҭыхраан ҩынтә ус смоурц азын.
Ажәабжьқәа зегьы
0