Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥхыӡ бааԥс аибашьра алагамҭазы...

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи
Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Анапаҵаҩра
Аибашьра аҭоурыхқәа шаҟа еиҭоуҳәозаалакгьы, иазхом, убриаҟара арыцҳара ҳзаанагеит ҳажәлар. Иахьа - Ианвартәи ажәылара ианалагаз амш аҽны Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуеи Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуеи рҭоурых.
Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи хҩык ахшара рыман - ҩыџьа аԥҳацәеи рԥа заҵәи. Дара нхон Аҟәа ачаӡырҭа "Колос" аҳаблаҿы Ҭраԥшь имҩаду 120 аҿы. Рԥеиҳаб Баҭал 21 шықәса дырҭысхьан, Нальчик аҵара иҵон, аԥхын аԥсшьара мшқәа рзы аҩны дыҟан, рыԥҳа еиҳабы Мадина уи ашықәсан актәи акурс даанахәеит ара Аҟәа, аԥхын ԥсшьара ҳәа Нальчик лан лаҳәшьа лҿы дсасуан, аиҵбӡа Ҳамида жәашықәса ракәын илхыҵуаз, аибашьра ианналага ақалақь далыргеит ауацәа. Ажәакала, аҩны иҟан ани, аби, рԥеиҳаби ақырҭуа агрессор Аԥсны аҳҭнықалақь инапаҿы ианааигаз.

Аԥхыӡ бааԥс

Аԥсны Аџьынтәылатә еибашьра алагамҭазы рыбзазара аиӷьтәразы аҭаацәа аҩны аргылара иаҿын. Абар Ниура Габуниа ишылгәалашәо уи аамҭа:
"Сан убысҟан ҩымшҟа ҳәа сыҩныҟа даазган дыҟан. Аибашьра ахәашаҽны иалагеит. Ахаша ауха сахьнышьҭалаз аԥхыӡ бааԥс збеит. Аԥшьаша шьыжьы сангыла сан илзеиҭасҳәеит. Ҳаҩны аҭуан зегь бганы азал иҩнаҳаит сҳәеит. Сыҷкәын хыхь дахьиаз иҭуангьы, азал аҭуангьы леилабган аҩнаргәы инықәҳаит сҳәеит. "Унан, нан, ԥхыӡ бааԥсуп", - лҳәеит. Каамеҭк ҟалар ҟалап лҳәеит. Ари аби ԥеи ирызкуп лҳәеит. Ахәаша асааҭ 11 реиԥш амашьынқәа акәыкәу ҳәа еибарҟаауа ақалақь иналалеит. Аибашьра иалагеит рҳәеит. Аҷқәын ҳааигәара иҟаз асахьаҭыхыҩцәа рцехқәа рҿы дыҟан убри аамҭазы. Ас ианыҟала, уа иҟаз аҷкәынцәа зегь дәылҟьеит. Аха уи аԥхьа Ешыра абаза аганахь иныҟәон аҷқәынцәа, акы иаҿын, аха цқьа иҳаздыруамызт. Аибашьра ҟалар ҟалоит рҳәон дара, аха ҳара уи агәра ҳгомызт. Сыҷкәын, иара убас ҳгәарабжьара ибжьаз аҷқәынцәа зегьы рҽааидыркылан Ҭамаз Капелиани зыжәлаз (иан Маршьанԥҳан) уҳәа, зегь дәықәлеит. Ицеит иаразнак еибашьра".
Анзор Гугуипа и собака Дамсик - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Аԥсны
"Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба": ианвартәи ажәыларазы аветеранцәа ргәалашәарақәа

Аԥшыхәра

Ниура Габуниа лажәақәа рыла, лыԥшәмеи лареи Аҟәа иаанхеит, лыҷқәын иҩызцәеи иареи Гәдоуҭа рҽеидыркылеит, аха уахынла маӡала арахь иаауан иҟоу ҭырҵаарц.
"Лечкоп хыхь анышәынҭрақәа ахьыҟоу ала маӡала иаауан. Ақырҭқәа рыштабқәа ахьыҟоу, изҿу уҳәа гәарҭарц. Нас, сыԥшәма Артиом адҵақәа ирҭон ртехника ахьгылоу, шаҟа рымоу уҳәа рызҭиҵаауан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан сыԥшәма мгәарҭа дышҭаз иаб дыргеит еибашьра, хабарда дыбжьаӡхьан. Абыда изҳаит иара. Ҳара ҳраион аҿы аштабқәа рацәан. Иаауан ҳаҷкәынцәа абри Гагра ажәылара иалагаанӡа. Ҳаргьы ацхыраара раҳҭап ҳәа ара ҳҽынкыланы ҳаҟан. Ҳҳаблаҿ инхаз аԥсуаа ҳҽеидкыланы ҳаҟан, ақырҭуа гвардиауаа ихагаханы ибжьалон ҳгәарабжьара. Ҳаҩны изныкымкәа иааихьан, шәыҷкәын агвардиа далоуп ҳәа ҳдыруеит ҳәа. Уа ҳааигәара қырҭуа фашисткак дынхон, шәҩык ақырҭқәа драҩсуан. Лыбӷаӡара лнапы ҭарсны абыржәеиԥш дысгәалашәоит. Аха, егьи ҳгәыла ԥҳәыс Шорена лакәзар, уи зынӡа дхазуп. Лхаҵа Беиа ижәлан, даԥсыуан , лара дақырҭуан, иахьагьы дыҟоуп, Анцәа днеигӡааит (уажәы Санкт-Петербург дынхоит, аха даалоит). Ақырҭқәа лара лгәаӷ кны ирыман аԥсуаа брыдгылоит ҳәа", - ҳәа абас илгәалалыршәоит Ниура, ауаа зегьы шеиԥшым азгәаҭауа.
Гагра ргаанӡа дара ахьынхоз ибжьалалон ақырҭқәа, аха еиҳа иҭынчран лҳәоит Ниура.
© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи

Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи - Sputnik Аҧсны
1/6

Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. - Sputnik Аҧсны
2/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. - Sputnik Аҧсны
3/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа

Хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа - Sputnik Аҧсны
4/6

Хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. Данхәыҷыз.

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. Данхәыҷыз. - Sputnik Аҧсны
5/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. Данхәыҷыз.

© Foto / Из семейного архива Ниура Габуниа

Ниура Габуниа-Џьопуа.

Ниура Габуниа-Џьопуа. - Sputnik Аҧсны
6/6

Ниура Габуниа-Џьопуа.

1/6

Артиом Џьопуеи Ниура Габунеи

2/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

3/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа.

4/6

Хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа

5/6

Марттәи ажәылараан иҭахаз Баҭал Џьопуа. Данхәыҷыз.

6/6

Ниура Габуниа-Џьопуа.

"Ҳаҷкәынцәагьы Гагра ажәылара ҟалаанӡа иаауан абри ҳаҩны ашьҭахь ацех ахьыҟаз, нас аԥенџьыр ахаҳәхәыҷ аарханы адырра ҳарҭон. Аӡы иаҳәон, фатәык, жәтәык, нас сыԥшәма дҵақәак ирҭон. Ҳааигәара аԥҭека дук дыргылон, убра ақырҭқәа р-БМП-қәа рацәаны игылан. Иаҳбоз, иҳаҳауаз ҳаҷкәынцәа ираҳҳәон. Асааҭ 3 шыҟаз иаауан уахынла. Тристан ҳәа Кациа ҷқәынак дыҟан, иан даԥсыуан, иара дақырҭуан, убри дрыдкылашәа дрыман, ианныҟәоз қырҭшәала аҭак ҟаиҵап ҳәа. "Колос" аштаб ахьыҟаз аадыруан, хҿаԥхьагьы иҟан даҽа штабк. Шорена слыцны чаагара сцон. Гагра аҭарцәра аԥхьа сыҷқәын исеиҳәеит ҵаҟа шәылбааны шәышьҭалала, хыхь шәымиан ҳәа, издыруада, ахысрақәа ҟалар ҳәа акәхап. Уахык иааны ианца, аиҿахысрақәа ҟалеит ҳааигәара, аха иҟалаз ҳаздыруамызт. Шорена дара-дара еилалеит ҳәа лаҳаит, аха ииашамзаарын. Ашьҭахь Вова захьӡыз урыс хаҵак даарышьҭит ҳа ҳтәқәа, - шәымшәан ҳәа ҳаиҳәарц. Ахәыҷқәа зегь еибганы иалҵит. Сыҷкәынгьы ибӷашшара ахы аӡывасит усҟан. "Колос" аштаб ԥыржәарц акәзаап изааз. Аха, еибганы иалҵит аиҿахысра ашьҭахь. Аӡәы иуаҭәа рхәит. 8-ҩык еицын дара", - илгәалалыршәоит Ниура лыҷқәын иҩызцәеи иареи маӡала Аҟәа ԥшыхәра ишаауаз.

Арҳәрақәа

Изгәалашәо маҷҩым ақырҭуа гвардиауаа Аҟәа ианналалаз ара инзырхаз афакторқәа ишреиуоу имҩаԥыргоз амал еизыҳәҳәара. Аԥсуаа ахьынхоз еилкааны ирықәланы рмазара рымырхуан. Ниура еиҭалҳәоит агвардиауаа арҳәрақәа шымҩаԥыргоз. Ҽнак имҩахыҵит лара лахь, абар ишылгәалашәо:
Ҭемыр Занҭариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2023
"Сара сфизиономистын ҳәа исыԥхьаӡон": аибашьра аветеран Ҭемыр Занҭариа игәалашәарақәа
"Ҽнак агвардиауаа ҳаҩны иаан, аԥара ҳашәҭ рҳәеит. Шьапыла ҳпианино ианас, ихышәҭит. Убра иҵәахын сыԥшәма ипаспорт ԥарақәак агәылаҵаны. Апаспортгьы аԥарақәагьы ршьапаҿы иаакаҳаит. Унан, ара ишыҟаз сыздыруамызт сҳәеит саргьы. Аҩны аргылара ҳаҿымзи, ԥарақәак ҳаман. Апатронақәа шәымоуп рҳәеит дара. Лимонкак ҳаҷкәын инижьит зны, шәыршьӡошәа жәбар, шәхы иашәырхәа ҳәа. Уахьынхалоз аҩбатәи аихагылаҿы асервант ахаҿы аваза инанысҵеит усҟан. Арҭ агвардиауаа хыхь ихалеит. Срышьҭаланы схалеит. Ари аваза ианыз алимонка збоит, аха дара игәаармыгӡеит, алимонка ас ауаҩы иахьибарҭоу ӡәыр иҵәахуазма? Еимдеит аха, акгьы рымбеит. Ҳаԥсы еиқәхеит".

Шорена гәымшәеи, "Пазик" ҩежьи, "Жигули" шкәакәеи…

Сентиабр анҵәамҭазы Ниура лыҷқәын "бара балҵ, саб макьана ара дыҟаз дҳахәоит" ҳәа леиҳәеит.
"Сыҷкәын апропуск сзыҟаиҵеит иҩызцәа ицырхыраан, Гәымсҭа лбаа ала Руслан Шьенгьелиа ҳәа дыҟан, дақырҭуан, аха иан даԥсыуан Аҳәԥҳан - убри сиаиган, сишьҭит. Амза 20 рҟынӡа уа сыҟан, нас сабгьы далга иҳәеит сыҷкәын. Џьоукы срыцны сааит еиҭа. Сыԥшәма уамашәа ибеит саниба. Ҩымшҟа рышьҭахь ҳҽааидкыланы ҳцарц ҳшыҟаз, октиабр 3 шыҟаз Гагра ргоит ҳа ҳтәқәа ҳәа ажәабжь ҳалалеит. Ари заҳаз абарҭ ақырҭқәа иҳәҳәо ҳамҩаду ибжьалеит, аԥсуаа абанхо ҳәа ҿыҭуа. Беиаа рахь дцеит иҽиҵәахырц сыԥшәма. Иҳалалаз еиҳарак ашәанцәа ракәын", - еиҭалҳәоит Ниура.
Гагра аԥсуаа иҭадырцәхьан октиабр 9 1992 шықәсазы, Ниурараа ргәарабжьара "Пазик" ҩежьи "Жигули" шкәакәеи аныбжьалаз. Урҭ амашьынақәа ирҭатәаз ақырҭқәа адунеи ианырхырц ирҭахыз аԥсуаа ирышьҭан.
"Абра инхоз дабаҟоу ҳәа сыԥшәма изҵааит. Усҟан Шоренараа рҿы лыԥшәмеи иареи аҩны аҭуан аҿы рҽыҵәахны итәан. Автобус анца, аҳәса дәылҵит, саргьы урҭ срылагылоуп. Сааҭк ҵхьаны асааҭ 12 шыҟаз, амашьына шкәакәа аҽыҵәахын иҟазаарын ҳгәашә иаалагылеит. Сыԥшәма дшыҟаз рдыруан, данцәырҵуа ҳәа иԥшызаарын. Ҳара ицеит ҳҳәан, ҳдәылҵит адәахьы. Ҳаҩны зегь рҟәаҟәеит "Пазик" анааиз. Еидарақәакгьы еизыргаз ирхашҭызшәа акәу, аиарҭаларшәқәа ирылагәаны иахьышьҭарҵаз ишьҭан, нас иалаарц акәхап. "Пазик" хәҩы-фҩык агвардиауаа ацын, "Жигули" хҩык. Ашҭаҿы ҳашгылаз "Жигули" анаадгылоз, Артиомгьы ашҭа дааҭалеит. Ҳаԥхьа инхоз Кәарцхьелиа ԥҳәыск, "арҭ ықәхтәуп, рыҷкәын деибашьуеит", - ҳәа ҿаалҭит. "Бара быдагьы иаадыруеит", - рҳәеит дара. Нас Артиом данырба, ддәықәыргалеит. Шорена, "ари дызхыжәгозеи, цәгьарас иҟаиҵазеи, иҷкәын иакәзар, Нальчик аҵара дҭоуп", - ҳәа ҿаалҭит. "Иԥҳәыс дабаҟоу", - рҳәан. "Ара сыҟоуп", - ҳәа аҳәаха сымҭакәа, даасыгәҭасын, "уи Гәдоуҭаҟа дцахьеит", - лҳәеит. Сыԥшәма днаган амашьына дынҭадыртәеит ҳала ишабоз. Шорена днеин амашьына аԥхьа днышьамхнышгылеит. "Иҟашәҵо закәзеи, абра зегьы шәразҵаа, ари ахаҵа дусуҩуп, уаҳа акгьы далам, ақырҭқәа рганахь акгьы имҳәац", - лҳәеит. Дызларымшьыз џьасшьоит иахьагьы. (Нас, ларгьы Аҟәа далҵит). Агвардиауаҩ автомат лҿеикит Шорена. Руаӡәы дшәаныуан, исахьа уажәгьы исгәалашәоит, уифарашәа акәын исахьа шыҟаз, адау исахьа иман. Игылаз ақырҭуа ҳәсақәагьы дышәшьы, аԥсуаа зҵәахуа лара лоуп ҳәа аарҿыҵҟьеит. Аха илыдгылазгьы ҟалеит, ԥҳәыск днеин, амашьына даԥырылгеит Шорена. Нас, "Жигули" цеит сыԥшәма дызҭадыртәаз", - еиҭалҳәоит Ниура лыԥшәма даныргозтәи ахҭысқәа.
Џьопуа Артиом, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2019
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых
Амашьына анца ашьҭахь, сзацәажәо ишылгәалашәо ала, ргәыла Ҭамара Закрасовскаиа ҳәа урыс ԥҳәыск, даҽаӡәгьы длыцны ицеит дахьыргаз, дахьааргаз еилыркаарц. Аштаб аҿы иахьнеиз - Гагра ирытҟәаз ақырҭқәа рыла ирыԥсахырц иргеит ҳәа раҭаркит. Иаҳшәырба рҳәеит, аха азин ҳамам рҳәеит. Урҭ ахҭысқәа аамҭа рацәа шырхылалахьогьы, Ниура илгәалашәогьы маҷым:
"Аԥсуаа рацәаҩны еидаҳкылоит, еиҭанаҳаԥсахырц ҳара ҳтәқәа рыла ҳәа рарҳәеит ҳгәыла ҳәсақәа аштаб аҿы. Нас, Баӷмаран ацҳа аҵаҟа аԥсуаа џьоук шьны икажьуп ҳәа ҳаҳан, ҳгәыла Валиа Аҳәԥҳа џьоук лыцны ицеит, уи лыҷкәын Руслан Шьенгьелиагьы дцеит ҷкәынцәак иманы, аха аӡәгьы дрымбеит", - лҳәеит лара.
Ашьҭахь ишеилкаахаз ала, 50 шықәса ирҭагылаз Артиом Џьапуа дызҭатәаз "жигули" дааҭырган "Пазик" ҩежь дынҭадыртәеит. Аҟәа аҳабла ҿыц ахь ихы ирхеит уи автобус ҩежь аԥсҟы зкыз арныҟәцаҩ. Асааҭ ҩба шыҟаз, Ӡержински имҩа 21/А инадгылеит "Пазик". Уи аҩнаҿы дынхон апоет Таиф Аџьба. Уаҟа фҩык рҟынӡа Таиф дызлаз ауааԥсыра нҭадыртәан, аҳабла иналҵит. Урҭ зегьы иахьанӡа хабарда ибжьаӡны иҟоуп. Автобус дәықәлаанӡа ашә инадгылаз Таиф иԥшәма Римма лахь ихы наирханы Артиом Џьопуа - сҭаацәа сшыргаз сызраҳәа - ҳәа иҭел аномер лиҭеит. "Пазик" анца ашьҭахь Римма аҭел дасит, аха аӡәгьы ишьҭимхит. Уи атәы лара лгәалашәарақәа рҿы илҳәоит. Риммеи Ниуреи анаҩсан Аҟәа ианалҵ Гәдоуҭа еибадырит.
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа

Марттәи ажәылара

"Нас, сара агәылацәа балҵ ҳәа сарҳәеит. Салҵит ӷбала аԥсахрақәа аныҟаз декабр азы. Асааҭ 11 рзы ҳаизыргеит аӷбаҿы Алашарбага аҳаблаҿы. Алықьса Гогәуа, Лиониа Саманба, Иура Ҷкадуа уҳәа аԥсуаа издырқәоз збеит", - лҳәоит Ниура 30 шықәса еиҳаны изхыҵуа ахҭысқәа дрызхьаԥшуа.
Гәдоуҭа даннеи, лыҷқәыни лареи еибабеит, Артиом ихабар раҳауазар ҳәа игәыӷуан рҩыџьагьы. Аха, Ниура лаԥхьаҟа илзыԥшызаарын еиҳа зышьҭыхра лцәыуадаҩхаз аҭагылазаашьа. Хәымыз рнаҩс иалагеит Марттәи ажәылара. Ниура лыҷқәын Баҭал "Бабаду" агәыԥ далан.
"Ажәылара ианцоз аԥхьа амза 13 рзы иааит ҳахьыҟаз Баҭал иҩызцәеи иареи. Хыԥсҭа ҳаҟан усҟан. Март 14 ауха ҳцар ҟалап ҳәа иалацәажәон. Иҩызцәа иарҳәеит сыҷқәын: "Уабгьы дыбжьаӡхьеит, уаангыл, уан лыҷқәын заҵә уоуп", - ҳәа. Ус саанаскьеиган, "мама, иԥхашьароуп, умцан ҳәа сабымҳәан", - иҳәеит. Мап, умцан ҳәа шԥауасҳәо, уҩызцәа урылысхуама сҳәеит. "Бабаду" иалаз иара дреиҵбын. Ицеит, аха сыҷқәын иҩызцәеи иареи хнымҳәӡеит. Ас ҟалеит ҳәа анҳаҳа, Гәдоуҭаҟа ҳцеит, џьоук ааргон, џьоукы рхабар ҟамлеит. Ауаа Гәдоуҭа иахьеилагьежьуаз убра ҳгылан ҳаргьы. Марттәи ажәылара иалахәыз еибадыруаз ҳхәыҷқәа рацәаҩны иҟан. Нас акомиссариат аҿы ҳнеит. Исҳәар ишыҟало сыздыруам, аха анацәа ҳаизаны ҳхәыҷқәа абаҟоу ҳәа ҳаннеи – ҳаргьы ҳаҭра ҳаҭҟьаны ҳаҟан, аха аҭак иҳауз аҳәашьагьы маншәаламызт – шәхәыҷқәа еибашьра ианцоз ишҭахоз шәзымдырӡоз – сгәы ҭнашьаауеит уажәгьы усҟан исаҳаз. Изҳәаз диашазаргьы ҟалап, аха иахьа уажәраанӡа убарҭ ажәақәа сгәаҿы иаанхеит. Ишҭахоз шԥаҳзымдыруаз, аха аҳәашьа аформа иашам ҳәа исшьоит. Аиаша ахьаҳзымдыруаз азы ҳгәамҵуан ҳара. Абаталион аиҳабы Витали Смыр дгьежьит. Иара дхәын. Дара имҵааӡакәа Аҟәа аганахь рхы дырхеит, аимадара ҳамаӡамызт иҳәеит. Ҳара уаҩԥсҵас аинформациа ҳазҭоз даҳмоуӡеит, убри акәын ҳзыргәамҵуаз. Аибашьра ашьҭахь 1993 шықәса ноиабр 7, 8 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьҭахь ирыԥшааит ажра иҭажьын анышә рықәыԥсаны рызегьы. Сашьцәа иаразнак дырдырит, иԥсыбаҩ анырба. Аԥсцәа ыҵхны ишьҭарҵеит. Акасеиқәаҵәа ихан сыҷқәын. Дара ргәыԥ ишеицыз ираахеит аӷа ихқәа, асамосвалқәа ирықәыжьны иааганы абра ажра жны иҭарыжьуан. Уи ара зыла иабақәазгьы иҳарҳәеит нас. Ҵаҟа анышә ахьшәашәара иақәшәеит азын, иудырратәы иҟан рызегьы. Насгьы, сыҷқәын иаԥхьатәи иџьыба иаби сареи ҳпатреҭ ҭан. Асорочка еиқәаҵәа, нас напыла исԥаз акьаҿ ишәын. Исорочка аџьыба иҭан афото. Сашьцәа иаразнак дырдырит. 22 шықәса ихыҵуан данҭахоз. Аҷқәын Аҟәа апарк аҿы джуп….", - абас ихлыркәшеит Ниура лгәалашәарақәа.
Гәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа
Аҵыхәтәаны еиҭалҳәо ахҭысқәа ирыцу атрагедиа лыблақәа иахьагьы ишырху ҩашьара ақәым ллакҭа уанхыԥшыло. Хабарда ибжьаӡыз лыԥшәма Артиом изы абас лҳәеит ҳаиԥырҵымҭаз: "Иахьа уажәраанӡагьы сгәыӷуеит. Ауаҩы дыԥсны дубаанӡа угәыӷлоит. Иахьагьы, иара ишиҳәалоз еиԥш, "еи, Габуниа, быҟоума" ҳәа ҳгәашә аԥхьа дааины ҿиҭуашәа саҳауеит".
Ажәабжьқәа зегьы
0