Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Акәашара зыԥсҭазаароу": Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Славик Аиба инысымҩа

© Foto / предоставила Саида ЖибаСлавик Аиба
Славик Аиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2024
Анапаҵаҩра
Дарбанзаалак бзиа иибо азанааҭ иҽаназикуа, уи хымԥада иқәманшәалахоит. Иахьа, мшаԥы 29 жәларбжьаратәи акәашара амш аҽны иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп зҟазаратә шьаҿақәа Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль аҟнытә иалагаз, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Славик Алмасиан-иԥа Аиба.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Асовет аамҭа… Ҳкультура аҿиарамҩа иануп. Аколлективқәа еицлабны Аԥсны ахьӡ ҭыргоит. Америка, Европа, Азиа атәылақәа рҟнытә "Гран-при", мамзар актәи аҭыԥ аамгакәа ихынҳәӡом. "Ҳара ҳаԥсыуаауп, Аԥснынтә ҳааит" анырҳәо артистцәа, атәым милаҭуаа ахсаала кны ирыдҵаалоит "иаҳшәырба, иабыкәу уи" ҳәа. Абас, шьаҿа-шьаҿа ҳтәыла адунеи аларҵәаразы ауасхыр шьҭарҵон ҳашәаҳәацәеи ҳакәашацәеи.
Славик Алмасиан-иԥа Аиба ибаҩхатәра ахы ыҵнахит иҩнаҭаҟны. Иаб деицырдыруан аԥхьарцеи аҿарпыни рырҳәаҩи рыҟаҵаҩи ҳәа. Славик даныхәыҷыз раԥхьаӡакәны иаб инагӡарала аԥхьарца иахылҵыз аԥсуа мелодиоуп дызцыкәашаз. Аҷкәын Оҭҳаратәи ашкол данҭала нахыс иҟазара еиҳагьы аҽарҭбааит. 11 шықәса ирылагӡаны ныҳәак бжьаимыжьзар ҟалап дықәԥраа ажәлар дырбо драҳауа дымкәашакәа. Аҵара аганахь алагьы ақәҿиара бзиақәа ааирԥшуан, 11 шықәса аҳаҭыртә ҭӡаҟны ифотосахьа кыдын.
"Акәашара даара бзиа избон, амилаҭ маҭәагьы сыман. Саб ираӡны маҟагьы сиҭалон санықәгылоз, аха уи сара сзы ихьанҭцәан аҟнытә, ҳааигәара инхоз сабду иашьа Магә Аиба уаараҳәа имысхуан. Исҭахын сыкәашареи сымаҭәеи еинааларц, убри аҟнытә исшәыз исхаз сацклаԥшуан сара стәала", - ихәыҷратә қәгыларақәа игәалашәоит сажәабжьҳәаҩ.
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2024
Аԥсны
"Сыԥсҭазаара акәашара иазыскуеит ҳәа сыҟамызт": Ирма Барцыцԥҳа лҟазаратә мҩа иазкны
Славик ашкол даналга, арра маҵура дахысны ҩышықәса рышьҭахь, Аҟәа, Горки ихьӡ зхыз арҵаҩратә институт, аҭоурых-аиуристтә факультет аҭаларазы аҽазыҟаҵарақәа рахь дныҟәо далагеит. Убри аамҭазы аҵараиурҭаҿы Акаки Малиа еиҿкааны имаз акәашаратә ахаԥшьгаратә коллектив далалеит. Ус аԥышәарақәа раҭара аамҭа ааит.
"Усҟантәи аамҭазы Аԥсны ақырҭцәа ахаԥаны ианыҟаз акәын. Дара раҵкыс аԥсуаа еиӷьхар ҳәа ишәаны, зехьынџьара аԥынгылақәа рырҭон. Саргьы сыруаӡәкхеит аполитикатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны здыррақәа ахә рымшьаз аҿар. Сгәы каҳаны ақыҭахь сцоит ҳәа сшаҿыз, Акаки Малиа ибзоурала Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль ахь ааԥхьара соуоит. Усҟан дара аҿар радыԥхьалара иаҿын. Ансамбль иааизакны хадара азиуан Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш, акәашаратә гәыԥ дахагылан Вова Кәарҷиа. Ҿыц инеиз акәашацәа ҳааидкыланы, аԥышәа змаз ахкынагӡаҩцәа иреиуаз Руфик Дасаниа инапы ҳаниҵеит. Иԥсы сакәахшоуп, идунеи иԥсаххьеит, аха убри аҷкәын исыдибалаз аџьабаа атәы ҳәашьа сзаҭом. Уасил Царгәыш лассы асценахь снаигар иҭаххан, Руфик уеизгьы есыҽны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон, аха сара хәылбыҽхала ҷыдала аус сыдиулон. Аиашазы даара сааԥсон. Аҟәа сан лаҳәшьа Накәа Барцыцԥҳа лҟны акәын сахьыҟаз. "Оҭхараҟа сцоит ҳәа ауп ишыздыруа, исылымшар ҳәа сшәоит" анысҳәа, "иуҳәо закәи, ҳара ҳхаан Ражден Гәымба ибара мацаразгьы аконцертқәа рахь ҳцон. Артистцәа аҳаҭыр ирымоу удыроу, унасыԥ уагәҭамсын" ҳәа дсабжьеит. Уи ашьҭахь, есыуаха, аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь санаауаз, асаан аӡыршы нҭәыланы, аџьыкахыш алаԥсаны сшьапқәа рааԥсара рхылхоит ҳәа саԥхьа илыргыло далагеит. Ус мызкашьҭахь, цәыббра 9, 1976 шықәсазы раԥхьаӡакәны асцена ду аҟны сықәгылеит. Аконцерт мҩаԥысуан Пицунда акурорттә зал аҟны. Инасыгӡеит х-кәашарак. Ари амш наунагӡа сгәалашәараҿы иаанхоит", - артистк иаҳасабала раԥхьатәи ишьаҿақәа дрылацәажәоит Славик Аиба.
Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2020
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых
Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль инаваргыланы Аԥсны хьӡи-ԥшеи арҳахьан Едуард Бебиа напхгара зиҭоз ансамбль "Шьараҭынгьы". Абраҟа ахкы налыгӡон 17 шықәса зхыҵуаз Кәтолтәи аԥҳәызба қәыԥш Марина Касланӡиаԥҳа. Лара ашкол данҭаз нахыс асценахь днеихьан. Лхәыҷратә шықәсқәа раан, Кәтолҟа аусура ииасхьаз Акаки Малиа еиҿикааз ахаԥшьгаратә коллектив аҟны ахкы налыгӡон. Раԥхьаӡа, ҷкәына маҭәала Нхыҵ Кавказаа рыкәашара нагӡаны, аҵыхәтәаны зхылаԥарч зхыхны зыхцәы шьқьаруа дышԥҳәызбоу ала ажәлар зыршанхаз лара лакәын. Славик уи ақәгылара ибзианы игәалашәон аҟнытә, 1979 шықәсазы аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥгаз азеиԥш концерт аан дидырит, уажәшьҭа арԥыси аԥҳәызбеи реиԥш еибадырит. Иаарласны рынасыԥқәагьы еиларҵеит.
1980 шықәсазы, Марина диасуеит лыԥшәма иколлектив ахь. Славик лара лыда араҟа ҩышықәса дкәашахьан, еицны - жәашықәса.
"Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль ҳацны адунеи атәылақәа жәпакы ҳарҭааит. Зехьынџьара, Аԥснынтә ҳшааз, ҳшаԥсыуаау раҳҳәон. Ирацәаҩӡан зынӡа ҳтәыла аӡбахә ззымдыруазгьы. Аха дара ҳара ҳахь аинтерес анрызцәырҵлак, ахсаала рыманы иааины "иаҳшәырба шәахьынтәааз" рҳәон. Ҳаргьы ҳгәырӷьаҵәа, "уажәшьҭа араагьы ҳазусҭцәоу рдырлоит" ҳәа ҳгәы шьҭыҵуан", - иҳәоит Славик Аиба.
Мраҭашәаратәи Берлин аконцерт анрымаз, иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟнытә иааз артистцәа дрыхәаԥшырц, лабҿаба дызхаҭарнаку ауаа ибарц днеит Ҭырқәтәылантәи уаҟа аҵара зҵоз амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Аҭилла Цәышба. Арԥыс аконцерт зегьы амагнитофон аҿакны абжьы ҭаиҩит. Анаҩс, ақәгыларақәа рышьҭахь, акассета ихазы иныжьны, асценахь дхаланы зегь раасҭа иблаҟны иааиз арԥыс амагнитофон ҳамҭас ииҭоит, уи Славик иакәын.
"Европа ҳахьықәгылозаалак, уаҟа инхоз ҳџьынџьуаа мниеикәа ҟаломызт. Ргәы хыҭ-хыҭуа, рылаӷырӡқәа рызнымкыло ҳгәыдыркылон. Ҳаргьы хымԥада ҳгәы ԥшаауан. Исгәалашәоит зны, Аханԥҳак лшьамхы арсны саԥхьа днагыланы, "аиаша саҳәа, акоммунистцәа Аԥсныҟа ҳнарышьҭуама" ҳәа шаҟа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дҵаауаз. Саргьы агәра лсыргеит аинтуристцәа раҳасабала, ақьаадқәа еиқәыршәаны инеирц шрылшо", - еиҭеиҳәоит акәашаҩ.
1981 шықәсазы, Славик Аиба зегь акоуп дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурых-аиуристтә факультет. Қәҿиарала иҵара хиркәшоит 1987 шықәсазы. Уи аамҭа иалагӡаны аусгьы иуан аекскурсиатә биуро аҟны агәыԥ амҩаԥгаҩс. Славик ауниверситет даналга ашықәсан, ҽнак Оҭҳараҟа дышцоз, амҩан машәыршәа диқәшәеит аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩ Енвер Қапба. Чаԥашьалеи, ҿаԥшыларалеи, еилаҳәашьалеи баша мҩасҩык шиакәымз дырны, ачынуаҩ имашьына Славик ивара иааникылан, иаԥхьа днақәиртәеит. Дызԥаз, дызҿыз зегьы ҭҵааны "Гагра ансамбль аиҿкаара ҳаҿуп, Лев Қьецба дахагылоуп. Уара уеиԥш иҟоу ауаа ҳҭахуп. Уҭаацәа уманы Гаграҟа уаҳзаа, макьаназы азеиԥш нхарҭа егьырҭ артистцәеи шәареи шәеицыҩназаауеит, ҩба-хԥа мзы рышьҭахь ауаҭах ацаԥхақәа усыркоит" ҳәа агәра ииргеит.
Ансамбль Кьиараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2020
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых
Аҟәа зҭаацәа зманы азеиԥш нхарҭа иҩназ Славик, Уасил Царгәыш иаиҳәеит Енвер Қапба идигалаз. "Ҳара ҳҟны уԥшәмаԥҳәыси уареи акыр шықәса шәкәашеит, шәаҳзааԥсеит, аха шәара ҩыџьа ахәыҷқәа шәымоуп, азеиԥш нхарҭа шәабанӡаҩназаауеи. Хара имгакәа ауаҭах шәақәиргәыӷзар, шәца" ҳәа иаиҳәеит.
"1987 шықәсазы, "Афырҭынаа" реиҳараҩык ахьыҩназ азеиԥш нхарҭахь ҳааит. Ус иааҳартит ҳаԥсҭазаара адаҟьа ҿыц. Сани саби ԥарала иҳацхраан ҩнымаҭәақәак ааҳхәеит. Исгәалашәоит зны сашьцәа иреиуаз Митиа Аиба сасра данаҳзаа, ахәыҷқәа збар сҭахуп ҳәа руада ашәа аартны даныҩнаԥшы, адашьмаҟны ацәарҭа шьҭаҵаны ииазшәа аниба, иара атакси аҟны аус иуан, аҽны иааирҳаз зегьы акапеиқәа налаҵаны рыхчы ишациҵаз", - Гагра нхара ишалагаз игәалашәоит Славик.
Славик ауаҭах дақәзыргәыӷыз Енвер Қапба, хара имгакәа Қарҭҟа аусура диаргоит. Уи ашьҭахь, акәашаҩ дыԥхашьаны "иуҳәаз угәалашәо" ҳәа дызидымгылеит. Азеиԥш нхарҭа дшыҩназ дыҩнан.
Америка, Европа уҳәа имҩаԥысуаз афестиваль-еицлабрақәа рахь ицон "Афырҭынаа". Славики Маринеи ансамбль ахкынагӡаҩцәа иреиуан. Дара аԥышәа ду рыман аҟнытә, аколлектив иаразнак иалаҵәеит.
Марина Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2018
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, "Афырҭын" хазы аус амуӡеит, уи аамҭазы Баграт Багаҭелиа дызхагылаз афольклортә ансамбль "Кьараз" иашьагәыҭхеит. Славик уи нахыс акәашара аасҭа ашәаҳәара иҽазикит. Иахьагьы ансамбль ахкынагӡаҩцәа дреиуоуп. Марина лакәзар, хышықәса раԥхьа лкариера хлыркәшеит.

2013 шықәсазы, Славик Аиба акультура аҿиараҟны иибаз аџьабаазы ианашьан "Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Славик, Аԥсны аҽтәы спорт аҿиараҿгьы илагала ӷәӷәоуп. Ҩышықәса раахыс инапала ииааӡаз аҽан "Аврора" аа-храҿак иаԥсахахьеит. Уи ирыҩуеит ҳтәылаҟны еицырдыруа аҽыбӷаҟаза Дмитри Қардиа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра уалацәажәо иумҳәарц залшом, Славик уахык аҩны дшаҵамиаз. Иашьа гәакьа Аслан аӷацәа гыгшәыгрыла дышҭадырхазгьы, иара икомандаҟаҵаҩцәа рыдҵақәа наигӡон. Далан Гаидар Иазычба игәыԥ.
Славик Аибеи Марина Касланӡиаԥҳаи фҩык амаҭацәа рымоуп. Насыԥла андуреи абдуреи ныҟәыргоит. Инхоит Гагра. Рынхара рынҵыра уаҩ деилаҳартә иҟоуп.
© Foto / предоставила Саида ЖибаСлавик Аиба
Славик Аиба - Sputnik Аҧсны
1/2
Славик Аиба
© Foto / предоставила Саида Жиба

Славик Аиба иԥшәмаԥҳәыс Марина Касланӡиаԥҳа

Славик Аиба иԥшәмаԥҳәыс Марина Касланӡиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/2

Славик Аиба иԥшәмаԥҳәыс Марина Касланӡиаԥҳа

1/2
Славик Аиба
2/2

Славик Аиба иԥшәмаԥҳәыс Марина Касланӡиаԥҳа

Ажәабжьқәа зегьы
0