АИХ рҟны Америкеи Китаии реилахәаахәҭратә еилаӡара иалацәажәоит

CC0 / / Флаг Китая
Флаг Китая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылақәа рыҩба рыбжьара аилахәаахәҭразы аилаӡара еиҳа идырцыхцыхуа иалагеит жәабранмзазы Вашингтон имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Агазеҭ The Wall Street Journal аҟны ишырыҩуа ала, Америкеи Китаии аилахәаахәҭразы аилаӡара рыбжьаҵара иаарласны имҩаԥгахоит. Абри атәы аанацҳаит ПРАЙМ.

ЕАА рбаӷәаза - Sputnik Аҧсны
Трамп китаитәи атауарқәа абаџь рықәҵара ааникылеит

Аҭыжьымҭа ишаҩуа ала, Пекин азыхиоуп ЕАА атауарқәа рзы атарифқәа рыларҟәреи еигьырҭ еиуеиԥшым аркьаҿрақәеи рыҟаҵара. Вашингтон акәзар, аекономикатә санкциақәа рыхәҭак раанкылара иазыхиоуп.

Аҭыжьымҭа ахыҵхырҭақәа иазгәарҭоит ԥынгыланы иҟалар шалшо атәылауаа ганкы еиҳа афеидара амоуп ҳәа агәаанагара аиура.

Аилаӡара аӡбахә ӡыргахар ауеит хәажәкыра 27 рзы — аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Дональд Трампи Си Цзиньпини рсаммит аҿы.

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аргентина имҩаԥысуаз асаммит G20  аҿы Китаи Америкеи рхадацәа ахәаахәҭратә "еибашьра" аҿы аинышәара рыбжьарҵарц еилацәажәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0